Европа ахеилак Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит зыԥшра ҟамҵакәа арратә агрессиа иаҟәыҵырц
Европатәи ахеилак идҵаны иқәнаргылоит Урыстәыла Украина аҵакырадгьыл аҿы арратә агрессиа зыԥшра ҟамҵакәа иаҟәыҵырц, ар иалганы, Украина атерриториатә акзаареи асуверенитети, ахьыԥшымреи пату рықәнаҵар. Ари атәы иануп Европа ахеилак ҩымштәи асаммит ашьҭахь аларҵәара зауз акоммиунике аҿы.
Жәадаҟьак рыла ишьақәгылоу адокумент аҿы ишану ала, Украина урыстәылатәи агрессиа амзызла еилагоуп жәларбжьаратәи азин.
„Урыстәыла атәылауаҩратә уааԥсыра ирықәлоит, атәылауаҩратә обиектқәа, ашколқәа, ахәышәтәырҭақәа, ахыҵәахырҭақәа абомбақәа рыларыжьуеит. Ари арратә ацәгьауроуп, уи зыԥшра ҟамҵакәа аанкылатәуп. Ацәгьауцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи ақәнагаа рықәҵатәуп“, – иануп адокумент аҿы.
Евроеидгыла атәылақәа зегь рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла аганахьала ишьақәгылоу асанкциақәа ирыдгыларц.