Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель сынтәа рашәарамзазы имҩаҧысуа Европарламентахь алхрақәа ихы рылеирхәоит
Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель сынтәа рашәарамзазы имҩаҧысуа Европарламентахь алхрақәа ихы рылеирхәоит

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель сынтәа рашәарамзазы имҩаҧысуа Европарламентахь алхрақәа ихы рылеихәоит. Ари атәы аанацҳаит  «Политико».  Алхрақәа рҿы ақәҿиара иоур, Шарль Мишель, аҿҳәаранӡа иҭыҧ аанижьуеит.

Раҧхьаӡа акәны,  Европатәи Ахеилак азинмчы змоу ахада Европарламентахь кандидатс дықәгылоит, избанзар, Европатәи Ахеилак ахада иҭыҧаҿ изинмчқәа рыҿҳәара нҵәоит сынтәа абҵаразы.

Мишель Европарламент алахәылас далырхыр, Евроеидгыла алидерцәа уи ицынхәрас иқәдыргыло акандидат изы ирласӡаны еиқәшаҳаҭхар акәхоит.