Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа жәларбжьаратәи ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Владимир Путин иҿҳәара ахыркәшара ашьҭахь иҭыԥ аҿы аанхара изакәаным ҳәа рыԥҳьаӡарц
Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа жәларбжьаратәи ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Владимир Путин иҿҳәара ахыркәшара ашьҭахь иҭыԥ аҿы аанхара изакәаным ҳәа рыԥҳьаӡарц

Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Урыстәыла адиктатуроуп ҳәа арезолиуциа адгылеит, иара убас жәларбжьаратәи ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Владимир Путин 2024 шықәсазы иҿҳәара ахыркәшара ашьҭахь иҭыԥ аҿы аҟазаара изакәантәым ҳәа рыԥҳьаӡарц

Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа  алахәыла-тәылақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Путин иҟны иарбанзаалак аимадарақәа ааныркыларц (агуманитартә аимадарақәеи аҭынчра ашьақәыргылареи рыда).

Арезолиуциа ала, Урыстәыла Украина алагаз аибашьра шышьақәнарӷәӷәаз, адиктатурақәа жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәарҭадареи, атерриториатә акзаареи, агәылацәа рполитикатә хьыԥшымреи рзы ишәарҭоуп.