Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Урыстәыла агрессиа иахҟьаны жәларбжьаратәи атрибунал ашьаҭакра аԥшьгарала иқәгылеит
Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Урыстәыла агрессиа иахҟьаны жәларбжьаратәи атрибунал ашьаҭакра аԥшьгарала иқәгылеит. Ассабмлеиа Урыстәыла жәларбжьаратәи ацәгьаурақәа рыҭҵаара адгылоит.
Ассамблеиа иашьашәалоу арезолиуциа германтәылатәи ажәахәҟаҵаҩ иқәгылара инақәыршәаны аднакылеит.
Аофициалтә ҳәамҭаҿ ишану ала, Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Урыстәыла агрессиа шьақәзырӷәӷәо ашаҳаҭгақәа рхыԥхьаӡара азҳара амзызла агәыԥжәара ааарԥшуеит, Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа жәларбжьаратәи анормақәа реилагара аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз ацәгьаурақәа зегьы рыҭҵаар иақәшаҳаҭуп.