Европа ашҭаҿ аконцерт мҩаԥысуеит
Европа ашҭаҿ аконцерт мҩаԥысуеит

Атәым нырра аартызаара иазку азакәан” аҿагылаҩцәа ахьеизаз Европа ашҭаҿ аконцерт мҩаԥысуеит. Асценаҿ дықәгылоуп амузыкант Ниаз Диасамиӡе, иҟоу адыррақәа рыла, ашәа налыгӡоит Нино Қаҭамаӡегьы

Қарҭ “Атәым нырра аартызаара иазку азакәан” аҿагылаҩцәа рациа мҩаԥысуеит. Аҿагыларатә акциа рзы аладырхәоит аоппозициатә партиақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи.

Раԥхьаӡа амарш алахәылацәа аметро “300 арагвааи”, Марџьанишвили ишҭеи, Ареспублика ашҭеи “Еқспо Џьорџьиеи” рҿы еизан, Европа ашҭа ашҟа идәықәлеит.