"Еврониус" - 550 иреиҳаны жәларбжьаратәи аилхәыра Урыстәылаҿ аусура нарыгӡоит
“Еврониус” аинформациала, 550 иреиҳаны жәларбжьаратәи аилхәыра, урҭ иреиуоуп европатәи аилхәырақәагь, Урыстәылаҿ аюизнес усзура нарыгӡоит. Ари иазгәаҭоуп Иельтәи ауниверситет имҩаԥнагаз аҭҵаараҿ.
Арҭ аилахәырақәа рҟынтә 223 Урыстәылаҿ аус ишыруоз иахьагьы аусзура нарыгӡоит. Урҭ иреиуоуп италиатәи Boggi, Benetton, Calzedonia, франциатәи – Clarins, Etam, Lacoste, германтәылатәи – Siemens Healthineers, B. Braun, нидерландтәи – Philips.
Урыстәылатәи аџьармыкьаҿ иубарҭоуп америкатәи аилахәырқәагь: Tom Ford, Tupperware, TGI Friday’s. Китаитәи аформақәа – Alibaba, Tencent and ZTE.
Урыстәылаҿ аусура нарыгӡоит иашьҭанеиуа авиаеилахәырақәа – Emirates Airlines, Egyptair, Qatar Airways,Turkish Airlines.
Урыстәылаҿ аусзура аҟәыҵра зҭахым аилахәырақәа иреиуоуп британиатәи AstraZeneca, италиатәи – Barilla, франциатәи BlaBlaCar, италиатәи Giorgio Armani, германтәылатәи Merck, швеицариатәи Nestle, австриатәи Red Bull, франциатәи Yves Rocher.