Еврокомиссиаҿы ишырҳәаз ала, Ааигәатә Мрагыларатә аҭагылазаашьа Украина ацхраара иаԥырхагахом
Еврокомиссиаҿы ишырҳәаз ала, Ааигәатә Мрагыларатә аҭагылазаашьа Украина ацхраара иаԥырхагахом

Еврокомиссиаҿы ишырҳәаз ала, Ааигәатә Мрагылараҿы аҭагылазаашьа Украина ацхрааразы анырра аиуам. Бриуссель имҩаҧгаз абрифинг аҿы Еврокомиссиа ахаҭарнак Ерик Мамер ишиҳәаз ала,  Израили Ҳамаси реиҿагылара амшала Евроеидгыла Украина ацхраара иаҟәыҵуам.

«Ҳәарада, Урыстәыла анапхгара адунеиаҿ аҭагылазаашьа  дара ишырҭаху ала рхы иадырхәар рҭаххоит, Украина иаҿагыло акампаниа иаҳа идырҭбаар рҭаххоит, аха, уи иаанагом Евроеидгыла Украина ацхраара иаҟәыҵны, даҽа зҵаарак иаҳа иазҿлымҳахоит ҳәа», — ирҳәеит  Еврокомиссиаҿы.