Еврокомиссиа Украина Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәара алагара рашәаразы аднагалоит
Еврокомиссиа Украина Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәара алагара рашәаразы аднагалоит

Еврокомиссиа Украина Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәара алагара рашәаразы аднагалоит, – аанацҳаит “Фаиненшел ҭаимс” идырым ахыҵхырҭа аҟынтә аиуз адфрра ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Еврокомиссиаҿ иахьа иҟырҵаз аҳәамҭала, Украина акоррупциа аҿагылареи, аполитикатә лобирразы аԥкраәа рыдкылареи, ачинҳаракҩцәа рмазара адекларациа аҵасқәеи аиҵарақәа рзинқәа рыьчареи рганахьала ақәҿиарақәа амоуп. Еврокомиссиа Киеви Кишиневи рҟны иформалу аиҿцәажәрақәа ралагара ҳазҭагылоу амз азы аҭахуп”, –  иануп астатиа аҿы.

Акьыԥхь аинформациала, алаларазы аиҿцәажәара алагара Евроеидгыла ашҟа хара имгакәа алалара иаанагом. Аиҿцәажәарақәа рпрогресси рыҿҳәареи акандидат тәылақәа имҩаԥырго ареформақәа рпрогресси Евроеидгыла иалоу атәылақәа рполитикатә ҭахреи ирыдҳәалоуп.