Еврокомиссиа Венгриа иазашшит  «Асуверинитет ахьчара  иазку» азакәан адкыларазы
Еврокомиссиа Венгриа иазашшит  «Асуверинитет ахьчара  иазку» азакәан адкыларазы

Еврокомиссиа Евроеидгыла аӡбарҭаҿы  Венгриа иазашшуеит, избанзар, Венгриа ирыдыркылаз  «Асуеринитет ахьчара  иазку» азакәан Евроеидгыла азин ланарҟәоит ҳәа ргәы иаанагоит.

Ари атәы иануп Еврокомиссиа иаланарҵәаз апресс-релиз аҿы.

2023 шықәса ҧхынҷкәын азы Венгриа апарламент иаднакылаз азакәан ала иазҧхьагәаҭоуп Асуверинитет ахьчара аофис аартра. Зыӡбахәы ҳәоу ахылаҧшырҭа анапы иануп даҽа ҳәынҭқаррак ма атәым орган, аиҿкаара, ма афизикатә хаҿы даҽа ҳәынҭқаррак аинтересқәа рыхьчаразы имҩаҧырго аусура аҭҵаара, ари аусура Венгриа асуверинитет иаҧырхагазар. Иара убас, ахылаҧшырҭа ахаҭарнакцәа иҭырҵаауеит алхрақәа рылҵшәақәа ма алхыҩцәа ргәазыҳәаразы анырра заур зылшо, аҳәаанырцәынтә аҧара зауа аиҿкаарақәа роуранагӡара.

Жәабран азы Евроеидгыла Венгриаҟа аофициалтә шәҟәы дәықәҵаны, ари азҵаара ишаргәамҵуа аадырҧшит. Венгриантә ироуз аҭак ишану ала, «Асуверинитет ахьчара иазку» азакәан Евроеидгыла азакәанҧҵара еиланагом, Еврокомиссиа агәамҵра изакәызаалак шьаҭак аҵам.