Еврокомиссиа Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҟны аусеицура арҕәҕәара иазку аинициатива цәырыргеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 2,3 миллиард евро зларҵо аинвестициатә план
Еврокомиссиа Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҟны аусеицура арҕәҕәара иазку аинициатива цәырыргеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 2,3 миллиард евро зларҵо аинвестициатә план. Есымшатәи абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Еврокомиссиа ахаҭарнак Петер Стано.
Акомплекстә план хықәкыс иамоуп ахәаахәҭра аҿиареи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, аинфраструктура аҧара алаҵареи, адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи, азин аиҳаӡареи, арыцхәтә аиасра иаҵәа адгылареи, агендертә зинеиҟарара аиқәыршәаразы ииашоу ауаажәларра адгылареи, аинклиузивреи.
«Иахьа Еврокомиссиеи Иреиҳаӡоу ахаҭарнаки ицәырыргеит Евроеидгылеи Мрагыларатә партниорцәеи рыбжьара аусеицура арҕәҕәара иазку аинициатива. Мрагыларатә партниорра хықәкыс иамоуп Евроеидгылеи Мрагыларатә партниорцәеи рыбжьара аполиткиатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара. Иахьатәи аинициатива еиқәыршәоуп анеҩстәи ашықәсқәа рзы аҧыжәара зауа ахырхарҭақәа рышьаҭа ала, урҭ роуп ахәаахәҭра аҿиареи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, аинфраструктура аҧара алаҵареи, адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи, азин аиҳаӡареи, арыцхәтә аиасра иаҵәа адгылареи, агендертә зинеиҟарара аиқәыршәаразы ииашоу ауаажәларра адгылареи, аинклиузивреи.
Аинициатива ала иазҧхьагәаҭоуп арегионалтә економикатәи аинвестициатәи аплан, уи иалаҵоуп 2,3 млрд. евро, ари аҧара акоронавирус аепидемиа ашьҭахь аекономика аиҭашьақәыргылареи аҭышәынтәалара арҕәҕәареи иахҭнырҵоит», — иҳәеит Питер Стано.