Еврокомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц
Еврокомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц. Ари атәы еилкаахеит Еврокомиссиа ахада Урсулы фон дер Лаиени европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
«Қырҭтәыла акандидат астатус аҭатәуп, избанзар, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҵаҵәҟьан. Ишәыдысныҳәалоит», — илҳәеит Урсула фон дер Лаиен.
Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку аҵыхәәтантәи аӡбара Европатәи ахеилак аднакылоит ҧхынҷкәын азы.
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе 2022 шықәса хәажәкыразы ааицҳаит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы Европатәи ахеилак ашҟа азыҳәамҭа шаланаҵаз. Убри ашықәс хәажәкыра 3 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили азыҳәамҭа инапы аҵаиҩит.