Еврокомиссиа апресспикер  - Ҳара Евроеидгылашҟа атәыла ҿыцқәа рыдкылара арыцхә аҳәара ҳазҿлымҳам
Еврокомиссиа апресспикер  - Ҳара Евроеидгылашҟа атәыла ҿыцқәа рыдкылара арыцхә аҳәара ҳазҿлымҳам

Ҳара Евроеидгылашҟа атәыла ҿыцқәа рыдкылара арыцхә  аҳәара ҳазҿлымҳам  , – илҳәеит Еврокомиссиа апресспикер Дана Спинат абрифинг аҿы арҭбаара иазкны илырҭаз азҵаара аҭак аналҭоз.

Аспикер ишылҳәаз ала, арҭбаара азҵаара Еврокомиссиа аполитикатә ҧыжәрақәа иреиуп, Евроеидгылашҟа атәыла ҿыцқәа рыдкылара  иазку аӡбара дара рмаҵзура ашьаҭала ирыдыркылароуп.

Спинат  2030  шықәсазы Евроеидгыла алахәыла ҿыцқәа рыдкыларазы ихиазароуп ҳәа Шарль Мишель иҟаиҵаз аҳәамҭа даламцәажәеит.

„ Ҳара Евроеидгылашҟа атәыла ҿыцқәа рыдкылара арыцхә аҳәара ҳазҿлымҳам. Ҳара акандидат астатус змоу атәылақәа аус рыцура ҳазҿлымҳауп,  избанзар арҭ атәылақәа Евроеидгыла алахәызааразы иазыҟаҳҵароуп.  Имҩаҧааго ареформақәа рыдгылара иазҿлымҳауп. Ҳара рекономикақәа рырҕәҕәареи Евроеидгыла аҳәарақәа рзааигәахареи аҿы  ирыцхрааша аинвестициақәа мҩаҧаагоит“, – илҳәеит Дана Спинат.