Еврокомиссиа аӡбара ала, Венгриа 13 миллиард евро ирҵааит
Еврокомиссиа аӡбара ала, Венгриа 13 миллиард евро ирҵааит

Еврокомиссиа аӡбара ала, Венгриа 13 миллиард евро ирҵааит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Акьыԥхь аинформациала, Еврокомиссиа Венгриа постпандемиатә аиҭашьақәыргылара аплан шьақәнарӷәӷәеит, аха иҟарҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, атәылаҿ аӡбарҭа ахьыԥшымра иазку ареформеи акоррупциа аҿагылара иазку ареформеи мҩаԥырымгар, Венгриа 5.8 миллиард евро иаҟароу аԥара аиуӡом.

Еврокомиссиа мызқәак ирылагӡаны Венгриа анапхгараҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагон атәылаҿ иҟоу акоррупциа аҿагылареи, аӡбарҭақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рхьыԥшымреи аиҵарақәа рзинқәа рыхьчара ирыдҳәаланы.