Еврокомиссиа аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Евроеидгыла ауааҧсыра рҟынтә ахҧа рыҩба ашәарҭадара азҵаара иаргәамҵуеит
Еврокомиссиа аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Евроеидгыла ауааҧсыра рҟынтә ахҧа рыҩба ашәарҭадара азҵаара иаргәамҵуеит

Еврокомиссиа аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Евроеидгыла ауааҧсыра рҟынтә ахҧа рыҩба ашәарҭадара азҵаара иаргәамҵуеит.

«Ipsos»  абри онлаин-аҭҵаара мҩаҧнагеит рашәара-ҧхынгәы азы, ари апроцесс иалахәын  25 нызқьҩык раҟара Евроеидгыла атәылауаа.

Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, Евроеидгыла атәылауаа рҟынтә  58%  Евроеидгыла аҧеиҧш оптимизмла иахәаҧшуеит,  37%  апессимисттә гәалаҟазаара рымоуп.

50% ргәаанагарала, уажәазы Евроеидгылазы зегьы реиҳа идуу проблемоуп Украина имҩаҧысуа аибашьра,  41%  ргәаанагарала  —  азакәандаратә миграциа.