Еврокомиссар Оливер Варҳеи - Евроеидгылахь амҩаҿ апрогресс атемп ашьаҭатәи реформақәа рынагӡара иадҳәалоуп
Еврокомиссар Оливер Варҳеи, иара иахь Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазкны ахазырхара ҟазҵаз атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәа аҭак рзиҩит.
Еврокомиссар ишааицҳаз, Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылауаҩратә уаажәлара иҭабуп ҳәа ранаҳәоит Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аимплементациа амонитьринг апроцесс иахьалахәыз азы.
„ 2022 шықәса рашәара 23-24 рзы Европатәи ахеилакаӡбарала Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьан. Ари аӡбара ашьҭахь акомиссиа Қырҭтәыла аимплементациа ахырхарҭала 12 приоритет рынагӡаразы иҟанаҵо ашьаҿақәа икылкааны ирыцклаԥшуеит. Арҭбаара аполитика иалоу атәылақәа зегьы рганахьала ишыҟаз еиԥш, Евроеидгылахь амҩаҿ апрогресс атемп ашьаҭатәи реформақәа рынагӡара иадҳәалоуп. Акмиссиа 2023 шықәса ааԥын азы ахеилак аднагалоит ҿырҳәалатәи аинформациа Қырҭтәылаҿ 12 приоритет рынагӡара аганахьала. Ҭагалан азы, априоритетқәа римплементациа иазкә аофициалтә ҳасабырба акомиссиа арҭбаара есышықәсатәи апакет иалалоит”, – иҩит Варҳеи.