Евроеидгыла-Украинатәи асаммит жабран 3 рзы мҩаԥгахоит
Евроеидгыла-Украинатәи асаммит жабран 3 рзы мҩаԥгахоит

Евроеидгыла-Украинати асаммит жабран 3 рзы, Киев мҩаԥгахоит. Ари иазгәаҭоуп Владимир Хеленски Урсула фон дер Лаиени ҭелла реицәажәара ашьҭахь Украина ахада иофис аланарҵәаз апрессрезил аҟны.

Украина ахада иофис аинформациа ала, ҭелла аицәажәараан Зеленскии Еврокомиссиа ахадеи Украина Еврокомиссиа арекомендациақәа шынанагӡо иахцәажәеит.

„Владимир Зеленски Урсула фон дер Лаиен аинформациа лыдигалеит Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат статус аиуразы Еврокомиссиа бжьрекомендациак рынагӡара иазкны. Еврокомиссиа ахада ишазгәеиҭаз ала, ари амҩаҿ Украина апроресс ду амоуп. Иара убас иахәаԥшит Киев, жәабран 3 рзы имҩаԥысран иҟоу Евроеидгыла-Украинатәи асаммит алҵшәақәа, азыҟаҵаратә усурақәа активла рынагӡаразы еиқәшаҳаҭхеит”, – иануп аофис апрессрелиз аҟны.