Евроеидгыла Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит. Ари атәы иануп Евроеидгыла адәныҟатәи аполитикатә усбарҭа апресспикер иалаирҵәаз аҳәамҭаҿы.
„Амҽышазы Қырҭтәыла ахадаратә политикатә партиақәа алхратә система иадҳәалоу аконституциатә ҧсахрақәа рзы еиқәшаҳаҭхеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа рнапы зҵарҩыз адокумент аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп 2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа иашаны рымҩаҧгара ҵакыс иамоу. Хымз имҩаҧысуаз аинтенсивтә усура алҵшәа ахылҵит. Ари апроцесс аҿы абжьацәажәаратә роль нарыгӡон Евроедгылеи, Германтәылеи, Европа Ахеилаки, Америкеи рхаҭарнакцәа. Ҳара ари аиқәшаҳаҭра ҳадгылоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аганқәа зегьы зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра шынарыгӡо. Апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи Ауаҩытәыҩса изинқәеи адемократиатәи институтқәеи рҟынтә аҵыхәтәантәи алхрақәа рышьҭахь ироуз абжьагарақәа зегьы ирласны, инаӡаны инарыгӡарц. Уи хымҧада инагӡатәуп ақырҭуа жәлари жәларбжьратәи ауаажәларреи алхрақәа рахь агәрагара рымазарц азыҳәан“,- иануп аҳәамҭаҿы.