Евроеидгыла иацҵаны Қырҭтәыла иазоунашьҭуеит амассатә вакцинациазы иаҭаху амаҭәахәқәа
«Ҳара агәыҕра ҳамоуп Қырҭтәыла иацҵаны амаҭәахәқәа азоушьҭра ала, атәыла имҩаҧысуа акампаниа ҳацхраап, апандемиа аҵаҳархап ҳәа», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аусеицура аҟәша анапхгаҩы Каталин Герман Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҿы имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Евроеидгылагьы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаарагьы алагала ду ҟарҵоит Қырҭтәыла иалагаз амассатә вакцинациеи авакцина аларҵәареи аус аҿы.
Герман ишиҳәаз ала, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Евроеидгыла Қырҭтәыла иазоунашьҭуеит 1,5 млрд лари ацхыраара.
«Евроеидгыла Қырҭтәыла иазоунашьҭуеит 1,5 млрд лари ацхыраара. Абри аҧара амедицинатә усхкы аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбареи, иара убас, аекономикатәи асоциалтә компонентқәеи ирыларҵоит», — иҳәеит Герман.