Евроеидгыла иалоу атәылақәа баррельк урыстәылатәи анефт 60 доллар ҳәа аахәаразы еиқәшаҳаҭхеит
Евроеидгыла иалоу атәылақәа баррельк урыстәылатәи анефт 60 доллар ҳәа аахәаразы еиқәшаҳаҭхеит

Евроеидгыла иалоу атәылақәа баррельк урыстәылатәи анефт 60 доллар ҳәа аахәаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Аихқәа ишаарыцҳаз, ацҳаражәҳәаҩцәа мышқәак ирылагӡаны  ахә алимит ашьақәыргылара иазкны аинтенсивтә дебатқәа мҩаԥыргеит.

“Еврониус” аинформациала, Польшеи Балтиатәи атәылақәа иџьбароу апозициа аадырԥшын, алимит ӷәӷәа ашьақәыршылара адгылеит – барельк анефт ахә 30 доллар, Брзентәылеи, Кипри, Мальтеи 70 доллар иаҟароу ахәа ашьақәыргылара иадгылеит.

Аиҿцәажәарақәа рҿы анагӡареи, алабҿабареи Евроеидгыла асанкциақәа апотенциатә цәқәырԥа ҿыци ирыхәаԥшит. “Еврониус” ахь адипломатцәа џьоукы ишаарыцҳаз, аихшьаалатә аиқәшаҳаҭра ахәашазы рыбжьарҵеит, Польша абжьаратә аҳәаа анадгыла ашьҭахь. Уаанӡа абри еиԥш аӡбара рыдыркылеит G7 иалоу атәылақәа.