Евроеидгыла - Евроеидгыла ишьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети, атерриториатә акзаара ишадгыло
Евроеидгыла шьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети, атерриториатә акзаара шадгыло, – иануп “Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла аганахьала имҩаԥнагаз зымҽхак ҭбаау арратә агрессиа иалагеижьҭеи 16 шықәса ҵра” ҳәа хьӡыз измоу Евроеидгыла аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
“2024 шықәса нанҳәа 7 рзы 2008 шықәсазтәи Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аибашьра иалагеижьҭеи 16 шықәса ҵит. Евроеидгыла Қырҭтәылаҿ аимакқәа ҭынч мҩала рҭыԥқәҵара иадгылоит.
Импыҵахалоу асепаратисттә регионқәа – Аԥсни Аладатәи Уаԥстәылеи рҿы Урыстәыла еснагьтәи аҟазаара ҳаҿагылоит, ари жәларбжьаратәи азакәан еиланагоит, еиланагоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа ирыбжьарҵаз фпунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра ала Урыстәыла агаз ахыдҵақәа.
Қырҭтәыла аҭыԥ змаз аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рзинқәа еиҭах еиларгоит – “абордеризациа” апролитикеи, аиасырҭақәа рыркреи, урыстәылатәи аруаа рыҟазаареи, изакәаным аанкыларақәеи рыла.
Ҳара ари аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵара апроцесс аҿы Қырҭтәыла адгылара наҳанӡоит. Женеватәи аиҿцәжәарақәа ирылахәу аганқәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аконструктивла рхы аладырхәарц.
Евроеидгыла шьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети, атерриториатә акзаара шадгыло“, – иануп “Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла аганахьала имҩаԥнагаз зымҽхак ҭбаау арратә агрессиа иалагеижьҭеи 16 шықәса ҵра” ҳәа хьӡыз измоу Евроеидгыла аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.