Евроеидгыла ахеилаки Европарламенти анапхгара Қырҭтәылеи Украинеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауааҧсыра ирыҭоу урыстәылатәи адокументқәа рызхаҵамразы еиқәшаҳаҭхеит
Евроеидгыла ахеилаки Европарламенти анапхгара заанаҵтәи аполитикатә аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәылеи Украинеи имыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауааҧсыра ирыҭоу урыстәылатәи адокументқәа рызхаҵамра иазкны.
Ари атәы иануп Европатәи ахеилак аофициалтә саит аҿы.
«Ари аӡбарала Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра аурыс паспортқәа рыҭареи, 2008 шықәсазы Урыстәыла ала Қырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵареи азы аҭак ҟаҳҵеит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылеи Украинеи аҵакырадгьылқәа рҿы ауааҧсыра ирыҭоу урыстәылатәи адокументқәа Шенгентәи азона атәылақәа рҳәаақәа рахысраан иазхарҵом.
Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара аҵыхәтәантәи атекст шьақәырҕәҕәазароуп Евроеидгыла ахеилаки Европарламенти рыла.