Евроеидгыла ахеилак - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рԥеиԥш Евроеидгылаҿ ауп
Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рԥеиԥш Евроеидгылаҿ ауп, – иануп Евроеидгыла ахеилак иахьатәи аилатәара ашьҭахь аларҵәара зауз адокумент аҿы.
Адокумент аҿы ишану ала, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рызҵаара даҽазнык 2023 шықәса ааԥын азы иахәаԥшуеит Еврокомиссиа аҟынтә арҿыцу аинформациа анроуа ашьҭахь.
“Евроеидгыла ахеилак 2022 шықәса рашәара 23 рзы аднакылаз аӡбара даҽазнык аднакылоит, уи инақәыршәаны Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи европатәи рперспектива иазхаҵан, арҭ атәылақәа акандидат статус ранашьан. Иара убас Евроеидгыла ахеилак Қырҭтәыла европатәи аперспектива шьақәнарӷәӷәан, Еврокомиссиа априоритетқәа рынагӡара ашьҭахь, уи акандидат статус анашьара ақәшаҳаҭхеит. Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рԥеиԥш Евроеидгылаҿ ауп, – иануп Евроеидгыла ахеилак иахьатәи аилатәара ашьҭахь аларҵәара зауз адокумент аҿы.
Апрессрелиз аҿы ишану ала, Евроеидгыла ахеилак Қырҭтәыла ареформа апроцесс аҿы амоу аԥхьагылара азханаҵоит.
„Евроеидгыла ахеилак Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит ареформақәеи акандидат статус аиуразы Еврокомиссиа априоритетқәеи нанагӡарц, – иазгәаҭоуп Евроеидгыла ахеилак аднакылаз адокумент аҿы.