Евроеидгыла ахеилак Украина азы 18 миллион евро ацхырааратә пакет шьақәнарӷәӷәеит
Евроеидгыла ахеилак Украина азы 18 миллион евро ацхырааратә пакет шьақәнарӷәӷәеит . Ари аԥара Украина 2023 шықәса иалагӡаны аиуеит. Иашьашәалоу ажәалагала иаауа амчыбжь ащы Европарламент адыргалоит.
Евроеидгыла ахеилак ахантәаҩ тәыла, Чехиа Афинансқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина Евроеидгыла ақәгәыӷра алшоит.
Евроеидгыла ахеилак аӡбарала, Украина ацхыраара аиуеит азинҷыдалатәи кредит ала, уи ашьаҭатәи ахәҭа Евроеидгыла иалоу атәылақәа иршәоит.
18 миллиартә ацхырааратә пакетла иазыԥхьагәаҭоуп акритикатә ҵакы змоу аинфраструктура аиҭашьақәыргылара.