Евроеидгыла, ахадаратә рефомақәа рымҩаҧгаразы Қырҭтәыла иазоунашьҭит 60 миллион лари
Евроеидгыла, ахадаратә рефомақәа рымҩаҧгаразы Қырҭтәыла иазоунашьҭит 60 миллион лари. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра.
Аинформациа ишану ала, ҵыҧхтәи ашықәс анҵәамҭаз Евроеидгыла Қырҭтәыла иазоунашьҭит 20,87 миллион евро (60 миллион лари) еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ареформақәа рымҩаҧгаразы, арҭ аусхкқәа иреиуп: аекономикеи абизнеси аҿиареи, аџьаус аџьармыкьа ареформеи, арегионалтә аҿиареи, ақыҭанхамҩеи, афатәаалыҵ ашәарҭадареи.
Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, Евроеидгыла Қырҭтәыла иазоунашьҭуа ацхыраара иазкны иаҳа инарҭбаау аинформациа жәбар шәылшоит Евроеидгыла ахаҭарнакра авебдаҟьаҿ: https://eu4georgia.eu/eu-support/.