Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ «Амилаҭтә ҵысра» апарламент иалалап ҳәа дгәыҕуеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҳәамҭала, апартиақәа алхратә реформа иадҳәаланы адискуссиақәа мҩаҧыргоит, аганқәа еиқәшаҳаҭхап ҳәа дгәыҕуеит.
Иара убас, ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәагьы апарламент иалалап ҳәа дгәыҕуеит.
««Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәагьы апарламент аҿы избап ҳәа сгәыҕуеит. Уи идуӡӡоу аоппозициатә партиоуп, аханатәгьы адискуссиақәеи, афасилитациа апроцесси, анеҩс, амедиациа апроцесси ирылахәын. Аиқәшаҳаҭра ирҕәҕәатәуп ҳәа сгәы иаанагоит, убри ала акризис алҵра апроцесс аҿы афаза ҿыц ҳзаатуеит, уи аҵакы ду амоуп, сара уи даараӡа сақәгәыҕуеит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.