Евроеидгыла арратә стратегиа ирҿыцу апроект аҿы Мрагыларатә партниорра атәылақәа рзы, Қырҭтәылагьы налаҵаны, арратә цхыраара арҕәҕәара азгәаҭоуп
Евроеидгыла арратә стратегиа ирҿыцу апроект аҿы Мрагыларатә партниорра атәылақәа рзы, Қырҭтәылагьы налаҵаны, арратә цхыраара арҕәҕәара азгәаҭоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Euractiv. Аҭыжьымҭа ишану ала, Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аибарххара аизырҳара амшала, Евроеидгыла, ахыхьчареи ашәарҭадареи аусхкы аҿы ахатә партниорцәа рыдгылара арҕәҕәоит.
Euractiv адыррақәа рыла, Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа, Урыстәыла аган аҟынтә аҽалагалареи агибридтә тактикеи налаҵаны, абарҭ атәылақәа рҿы адемократиатә процесс иаҧырхагоуп, Евроеидгыла ашәарҭаразы анырра рымоуп.
«Агиборидтә шәарҭарақәеи, адезинформациеи, акиберешәарҭадареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иазааигәаӡоу апартниорцәа – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҟны адиалог иаҳа иҭбаахоит», — иануп адокумент аҿы.
Евроеидгыла алидерцәа адокумент аҵыхтәантәи авариант шьақәдырҕәҕәоит хәажәкыразы.