Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылара иазкны аинформациа аланарҵәеит 
Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылара иазкны аинформациа аланарҵәеит 

Ҧхынгәы 23 рзы Ергнеҭи имҩаҧган Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм 120-тәи аиҧылара. Аиҧылара иалахәын Аахыҵ Кавказаҿ аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы ихаҭарнак ҷыда Виорела Мошануи Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы  Беттина Патрисиа Бугани.

Аиҧылара алахәылацәа активла аконструктивтә диалог иалахәын, аибашьра амшала азарал зауз ауааҧсыра рпроблемақәа ирылацәажәон.

Евроеидгыла ахаҭарнакцәа иаанкылоу ауааҧсыра зегьы рхақәиҭтәразы ааҧхьара ҟарҵеит. Аицхантәаҩцәа еиҭах ааҧхьара ҟарҵеит аиҭаҵратә пунктқәа русура аиҭалагара иазкны, ишазәгаҭаз ала, уи административтә аҳәаа аҩ-ганк рҿы инхо ауааҧсыра ирыхәоит.

Аиҧылара алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит  Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа Ацәаҳәа ҷыда аинформациа аиҭныҧсахларазы аҵакы ду шамоу.

Аиҧылара алахәылацәа  ишеиқәшаҳаҭхаз ала, анеҩстәи аиҧылара мҩаҧысуеит  2024 шықәса цәыббра 12 рзы.