Евроеидгыла алидерцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа - Европахь амҩаҿ ақәҿиарақәа рзы иаҭаху ауадаҩрақәа рынагӡаразы, Евроеидгыла Қырҭтәылаҟны аусеицура ӷәӷәа нангӡоит
Бриуссель, асаммит актәи амш Украинеи, ашәарҭадареи, атәылахьчареи ирызку Евроеидгыла алидерцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа ала ихыркәшан. Аҳәамҭаҿ Қырҭтәыла аӡбахәгьы аҳәоуп.
Асаммит аихшьаалатә документ аҿы ишану ала, Европатәи ахеилак Қырҭтәыла анапгар аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟанаҵаз ашьаҿақәа иазгәарҭоит. Европахь амҩаҿ ақәҿиарақәа рзы иаҭаху ауадаҩрақәа рынагӡаразы, Евроеидгыла Қырҭтәылаҟны аусеицура ӷәӷәа нангӡоит.
Асаммит алахәылацәа Украинеи Молдовеи рпрогрессгьы иахцәажәоит. Еицыҟаҵоу аҳәамҭаҿ ишану ала, алидерцәа Украина Евроеидгыла алалара апроцесс азы ихымԥадаз адҵақәа рынагӡара аус аҿы аҽазышәара ду шамаз, Украина ахь ааԥхьара ҟарҵоит апрогресс амҩа нарыгӡарц.
Еврокомиссар Оливер Варҳи ареформақәа рпрогресс мазкны ҿырҳәалатәи иажәахә аныҟаиҵа ашьҭахь, ари Евроеидгыла алидерцәа раԥхьаҿатәи реиԥылароуп.