Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәеи атәылахьчареи рминистрцәа ишьақәдырӷәӷәаз адокумент аҿы Қырҭтәыла аӡбахә аҳәоуп
Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәеи атәылахьчареи рминистрцәа ишьақәдырӷәӷәаз “Астратегиатә клмпас” зыхьӡу атәылахьчареи ашәарҭадареи аполитика иҳәаақәызҵо адокумент аҿы Қырҭтәыла аӡбахә аҳәоуп.
“Украина аганахьала апровоцирра змамыз агрессиала Урыстәыла еиланагоит жәларбжьаратәи агуманитартә зини, ЕАР аусԥҟа апринципқәеи, Европатәии аглобалтәи ҭышәнтәалареи ашәарҭадареи аԥхасҭа ду азаанагоит. 2008 шықәсазы Қырҭтәыла аганахьала имҩаԥгаз арратә агрессиеи, 2014 шықәсазы Ҟрым изакәаным аннексиеи мрагыларатәи Украина арратә аҽалагалареи, Молдоватәи ареспубликахь урыстәылатәи арратә хәҭақәа риагара рыла Урыстәыла амчра арҭбаара аҭахуп,”- иануп Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәеи атәылахьчареи рминистрцәа ишьақәдырӷәӷәаз адокумент аҿы.
Астратегиаҿ ишану ала, мрагыларатә гәылараҿ Урыстәыла арбџьармчқәа Украина иақәлеит, Молдовеи Қырҭтәылеи Аахыҵ Кавказ егьырҭ атәылақәеи рыршәара иаҿуп, урҭ рсуверенитети ртерриториатә акзааре ишиашоу ашәарҭа аԥхьа гылоуп, ҵыхәаԥҵәара змам аимак аҿы иҟуоп.