Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәоит
Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәоит

Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәоит. Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак еилатәара ԥхынҷкәын 7 рзы мҩаԥгахоит. Уи дахагылоит адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Борели.

Евроеидгыла ахеилка аофициалтә вебдаҟьа ишану ала, ахеилак еилатәараҿ ирыхәаԥшуеит жәларбжьаратәи ахҭысқәа, Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи, Венесуела имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәеи, Ҭырқәтәыла иадҳәалоу ахҭысқәеи, ауаҩытәыҩса изинқәа рызҵаареи.