Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Бриуссель еиԥылеит. Адипломатцәа жәларбжьаратәи зҵаарақәа ирылацәажәоит.
Амш аусхәаԥштә иалоу азҵаарақәа иреиуоуп Қырҭтәыла имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.
Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәара дахагылоит Ашәарҭадара аполитикеи адәныҟатәи азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Борел.