Евроеидгыла адәныҟатәи аимадарақәа рзы апресс-мааӡаныҟәгаҩ - Аполиаризациа ақырҭуа демократиазы шәарҭоуп
Евроеидгыла адәныҟатәи аимадарақәа рзы апресс-мааӡаныҟәгаҩ – Аполиаризациа ақырҭуа демократиазы шәарҭоуп
Аполитикатә ҭышәынтәалареи, аинклиузивтә парламенттә процесси, ажәлар зыгәра рго аӡбаратә системеи – абарҭ аҭагылазаашьақәа роуп Ассоциациа аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла еиқәдыршәаша, — иануп Евроеидгыла адәныҟатәи аимадарақәа рзы апресс-маӡаныҟәгаҩ Питер Стано иҳәамҭаҿы.
«Қырҭтәыла «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Никанор Мелиа ибаандаҩтәра ашьҭахь аполиткиатә полиаризациа иаҳа иҕәҕәахеит. Уи ақырҭуа демократиазы шәарҭоуп. Евроеидгыла аганқәа зегьы ирыбжьанагоит аҭагылазаашьа адеескалациазы иаҭаху ашьаҿақәа ҟаҵаны, еиқәшаҳаҭхарц. Аполитикатә ҭышәынтәалареи, аинклиузивтә парламенттә процесси, ажәлар зыгәра рго аӡбаратә системеи – абарҭ аҭагылазаашьақәа роуп Ассоциациа аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла еиқәдыршәаша.
Евроеидгыла ҳаҧхьаҟагьы абарҭ аҽазышәарақәа рҿы Қырҭтәыла адгылара иазхиоуп», — иануп Питер Стано иҳәамҭаҿы.