Евроеидгыла алидерцәа Урыстәыла азы асанкциақәа афбатәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит, уи ала урыстәылатәи анефт аимпорт 75% ақәиҭымтәра алагалоуп
Евроеидгыла адидерцәа Урыстәыла аганахьала асанкциақәа афбатәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит, уи ала урыстәылатәи анефт аимпорт 75% ақәиҭымтәра алагалоуп. Ари атәы ааицҳаит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель.
Мишель иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, макьана ақәиҭымтәра алагалам анефтмҩангагала ицо урыстәылатәи анефт азы/
„Иахьа Европатәи ахеилак Урыстәыла аганахьала асанкциақәа афбатәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит. Уи ала урыстәылатәи анефт аимпорт 75% ақәиҭымтәра алагалоуп, ашықәс анҵәамҭазы ақәиҭымтәра алагалахоит урыстәылатәи анефт 90% азы,” – иҳәеит Мишель.
Европатәи ахеилак ахада ишааицҳаз, европатәи алидерцәа еиқәшаҳаҭхеит идуӡӡоу урыстәылатәи абанк “Сбербанк” SWIFT асистемантә аҿыхреи идуӡӡоу урыстәылатәи хдырраҭарак раҿыхреи рзы.
Европатәи ахеилак ахада ишааицҳаз, ахеилак шьақәнарӷәӷәеит Украина 9 миллиард евро азалхра азҵаара.