Евгени Пригожин Украина иҷыдоу арратә операциа ахыркәшара аԥшьгара ала дықәгылоит
Евгени Пригожин Украина иҷыдоу арратә операциа ахыркәшара аԥшьгара ала дықәгылоит

Апатә аилахәыра “Вагнер” ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин Украина “иҷыдоу арратә операциа” ахыркәшара аԥшьгара ала дықәгылоит, – ари атәы Пригожин асоциалтә каҭаҿ алаирҵәаз ашәҟәы аҟны иазгәеиҭеит.

“Анапхгареи ауаажәларреи рзы иахьа ихымԥадоуп арратә аоперациа ҷыдаҿ акәаԥ ду ақәыргылара. Иидеалу вариантс сыԥхьаӡоит арратә аоперациа ахыкәшара, Урыстәыла ахықәкы нанагӡеит ҳәа рыларҳәара. Ҳхықәкы наҳагӡеит, Украина арбџьармчқәа рхаҭарнакцәа реиҳараҩык аликвидациа рзууп, арратә аоперациа ҷыда ахықәкы наҳагӡеит ҳәа ааҳацҳар ҳалшоит”, – иҩит Пригожин.

Аихьӡарақәас Пригожин иԥхьаӡоит Украина активтә хацәа рыхәҭа рнырҵәара, ауааԥсыра рыршәара, Азовтәи амшыни Амшын Еиқәеи рыхәҭа анапаҿы аагара, Украина аҵакырадгьыл ахәҭа ду анапаҿы аагара, уҳәа уб.егь.