Евгени Пригожин ихазырхара ҿыц - Аҳәынҭқарратә ҳәаа зехьынџьара ҳаркит, Ростов ҳаҩналоит, иаҳҿагыларц азы ҿыц арра ицаз аҷкәынцәа аарышьҭит, аӡә даҳԥырхагахар, инҳарҵәоит
Евгени Пригожин ихазырхара ҿыц - Аҳәынҭқарратә ҳәаа зехьынџьара ҳаркит, Ростов ҳаҩналоит, иаҳҿагыларц азы ҿыц арра ицаз аҷкәынцәа аарышьҭит, аӡә даҳԥырхагахар, инҳарҵәоит

Аҳәынҭқарратә ҳәаа зехьынџьара ҳаркит. Аҳәаахьчаҩцәеи ҳаибашьцәеи гәыдеибакылеит. Уажәы  Ростов ҳаҩналоит,  – иазгәаҭоуп “Вагнер” анапхгаҩы Евгени Пригожин ихазырхара ҿыц аҿы. Авидеонҵамҭа аилахәыра апрессмаҵзура аланарҵәеит.

„Иаҳҿагыларц азы ҿыц арра ицаз аҷкәынцәа аарышьҭит, урҭ амҩа ҳарҭоит. аӡә даҳԥырхагахар, инҳарҵәоит. Аус аҵыхәтәанынӡа наҳгоит“, – иазгәеиҭеит “Вагнер” анапхгаҩы.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аурыс аруаа Ростов афедералтә амҩаду адыркит. Урыстәыла апрокурор хада Игор Краснов Урыстәыла ахада Владимир Путин адырра ииҭеит Евгени Пригожин иганахьала иалагаз ашьауӷа ус адетальқәа.

Арратә агылара ахарадҵара ала,  Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура ашьауӷа ус хацнаркит Евгени Пригожин иганахьала.

Уаанӡа, “Вагнер” анапхгаҩы Евгени Пригожин ипрессмаҵзура ателлеграм аҿы аланарҵәаз аудионҵамҭаҿ Пригожин Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра “Вагнер” арратә лагерқәа рганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит ҳәа рхараиҵеит. Пригожин ишахгәеиҭаз ала, ари аҭак азыруеит. Атәылахьчара аминистрра ари афакт мап ацәнакит.  Пригожин алаирҵәаз информациеи аудионҵамҭеи апровокациоуп ҳәа аарыцҳаит.

Урыстәыла ашәырҭадаратә маҵзура “Вагнер” аибашьцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Евгени Пригожин идҵақәа нармыгӡарц.

Аларцәара зауз адыррақәа рыла, Москва атехника хьанҭа цәырҵит. Ростов ахь ишьҭуп азкра ҷыдақәа змоу агәыԥқәа.