Естониа Атәылахьчара аминистрра аканцлер - Нато ахыҵхырҭақәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз амшқәа рзы Урыстәыла Балтиа атәылақәа рганахь аиммитациатә аракетатә жәылара мҩаԥнагеит
Нато ахыҵхырҭақәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз амшқәа рзы Урыстәыла Балтиа атәылақәа рганахьала аиммитациатә аракетатә жәылара мҩаԥнагеит, – ари атәы ааицҳаит Естониа Атәылахьчара аминистрра аканцлер Кусти Сал финлиандиатәи аихқәа ирииҭаз аинтервиу аҿы.
Сал ашааицҳаз, Естониа аганахьала аиммитациатә аракетатә жәылара Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟынтә мҩаԥган.
Естониа Атәылахьчара аминистрра аканцлер ишазгәеиҭаз, аиммитациатә аракетатә жәылара ада, урыстәылатәи аҵәиԥрыгақәа мышқәак раԥхьа Естониа аҳауатә қәыԥшылара еиларгеит. Нато аинформациа ала, аҵәиԥрыгақәа арратә зыҟаҵара мҩаԥыргон.
Естониа Атәылахьчара аминистрра арҭ афактқәа ақәҿыҭра рҭахуп ҳәа ргәы иаанагоит.
Естониа аҳауатә қәыԥшылара аилагара афакт иадҳәаланы апротест аҳасабла дааԥхьоуп Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ.