Ергнеҭи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧысуеит
Ергнеҭи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧысуеит

Ергнеҭи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аусуратә гәыҧ аиҧылара мҩаҧысуеит.

Аиҧылараҿы закәандарала ииаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәреи абордеризациа азҵаареи иалацәажәоит.

Уажәазы де-факто арежим рытҟәараҿы закәандарала иҟоуп ааҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аиҧылара иалагаанӡа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ  Иракли Анҭаӡе ишиҳәаз ала,  аиҧылараҿы ирзааҭгылоит иаанкылоу ауаа агәыҳалалрала рызнеиреи  аҩныҟа рырхынҳәреи иадҳәалоу азҵаарақәа.