Ентони Блинкени Никол Ԥашиниани ЕАШ-и Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҭбаара иахцәажәеит
Ентони Блинкени Никол Ԥашиниани ЕАШ-и Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҭбаара иахцәажәеит

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани ЕАШ-и Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҭбаара ҭелла иахцәажәеит.

Аҳәынҭқарратә департамент апрессрелиз аҿы ишану ала, аиҿцәажәараан Блинкен шьақәирӷәӷәеит Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аҿҳәаранаӡатәи аҭынчра абжьаҵара аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ аганқәа рыбжьара еизыҟазаашьақәа реиӷьтәра аус аҿы апрогресс дшадгылоу иазгәеиҭеит.

Блинкени Ԥшиниани ЕАШ-и Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа аенергетикеи, ахәаахәҭреи, аинвестициақәеи, аҵареи рхырхарҭала рырҭбаара иахцәажәеит. Ентони Блинкен шьақәирӷәӷәеит  ЕАШ зхы иақәиҭу, адемократиатә Шәамахьтәыла шадгыло.