Ентони Блинкен Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа G7 иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡое ахаҭарнаки рҟны дахцәажәеит
Ентони Блинкен Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа G7 иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡое ахаҭарнаки рҟны дахцәажәеит

Ентони Блинкен Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа G7 иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡое ахаҭарнаки рҟны дахцәажәеит. Ари аинформациа Ентони Блинкен “Твиттер” аҿы алаирҵәеит.

„ЕАШ апарнтиорцәеи адгылаҩцәеи рҟны акоординациа амоуп“, –иҩит Блинкен.

“Вагнер” анапхгаҩы Евгени Пригожин ипрессмаҵзура ателлеграм аҿы аланарҵәаз аудионҵамҭаҿ Пригожин Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра “Вагнер” арратә лагерқәа рганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит ҳәа рхараиҵеит. Пригожин ишахгәеиҭаз ала, ари аҭак азыруеит. Атәылахьчара аминистрра ари афакт мап ацәнакит.  Пригожин алаирҵәаз информациеи аудионҵамҭеи апровокациоуп ҳәа аарыцҳаит. Урыстәыла ашәырҭадаратә маҵзура “Вагнер” аибашьцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Евгени Пригожин идҵақәа нармыгӡарц. Аларцәара зауз адыррақәа рыла, Москва атехника хьанҭа цәырҵит. Ростов ахь ишьҭуп азкра ҷыдақәа змоу агәыԥқәа.Урыстәыла аҳҭнықалақьи, Воронежи, Москватәи аобласти рҿы аконтртерористтә режим алагалоуп.