Ентони Блинкен Тель-Авив дыҟоуп
Ентони Блинкен Тель-Авив дыҟоуп

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Тель-Авив дыҟоуп, – аанацҳаит “Роитер”.

Акьыԥхь аинформациа ала, авизит хықәкыс амоуп ахымца аанкыларазы Израиль адипломатиатә ақәыӷәӷәара.

Уаҵәы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ израильтәи ачинҳаракҩцәа дырԥылоит, аиԥылара мҩаԥигоит аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу иҟны.

Израиль ашьҭахьБлинкен Мысра ддәықәлоит. Иаауа амчыбжь азы ахымца аанкылара иазку аҿцәажәарақәа Каир мҩаԥгахоит.