Ентони Блинкен ишааицҳаз, ЕАШ Украина иацҵаны 1,3 миллиард доллар азалнахуеит
Ентони Блинкен ишааицҳаз, ЕАШ Украина иацҵаны 1,3 миллиард доллар азалнахуеит

Аимак амзызла аԥхасҭа зауз атәылаҿ аенергетикатә каҭа, апортқәа, аихамҩа, уҳәа уб. егь. аинфраструктура аиҭашьақыргыларазы, ЕАШ Украина иацҵаны 1,3 миллиард доллар азалнахуеит. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Лондон имҩаԥысыз Украина аиҭашьақәыргылара иазҟә аконференциаҿ.

“Аиҭашьақәыргылара Украина ишәарҭам, адемократиатә, Европаҟны  аинтеграциеи адунеитә џьармыкьаҟны аимадарақәеи змауа тәыланы ашьақәыргылара иашьаҭа́хоит”, – иҳәеит Блинкен.

Блинкен иажәақәа рыла, афинанстә цхыраара ҿыц уаанӡа иалхыз 20 миллиард доллар ирыцҵахоит.