Ентони Блинкен иҳәамҭала, Украина ахатә аҵакырадгьылқәа рырхынҳәразы иаҭаху зегьы амоуп
Ентони Блинкен иҳәамҭала, Украина ахатә аҵакырадгьылқәа рырхынҳәразы иаҭаху зегьы амоуп

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҳәамҭала, Украина ахатә аҵакырадгьылқәа рырхынҳәразы иаҭаху зегьы амоуп.

„Дара аҵыхәтәантәи 14 мза рыҩныҵҟала Урыстәыла мчыла ирымнахыз аҵакырадгьылқәа рырхынҳәразы иаҭаху зегьы рымоуп“, – иҳәеит Блинкен.

Иара иажәақәа рыла, абџьар мацара акәымкәа,  арратә маҵзуҩцәа  разыҟаҵарагьы ауп дызлацәажәо.

„Азыҟаҵарақәа рыбзоурала, украинаа ҳара ираҳҭаз асистемақәа рхархәара рылшоит, аха, уи адагьы, ақәҿиара роурц азыҳәан, аплан иаша рымазароуп“, – иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ.