Ентони Блинкен иҳәамҭала, ҳаамҭазтәи анырҵәагақәа F-16 Украина аханы ицәырҵуеит сынтәа аҧхынразы
Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҳәамҭала, сынтәа аҧхынразы Украина аханы ицәырҵуеит ҳаамҭазтәи анырҵәагақәа F-16. Блинкен ари аҳәамҭа ҟаиҵеит иаарту афорумаҿ данықәгылоз.
«Украина F-16 аҭара апроцесс иалагахьеит. Арҭ аҳаирпланқәа Украина аханы аҧырра иалагоит сынтәа аҧхынразы, Украина агәра ганы иҟазароуп аурыс агрессиа аҟынтәи ахыхьчара шалшо», — иҳәеит Блинкен.
Иара убас, Блинкен ари аибашьраҿы Украина ақәҿиара иаанаго иҳәеит. Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ игәаанагарала, ақәҿиарас иҧхьаӡахоит « Евроеидгыла, НАТО уҳәа, евроатлантикатәи институтқәа ирылахәы, арратәи, иара убас, аекономикатәи, адемократиатәи ганахьала ҕәҕәала зшьапы иқәгылоу, ихьыҧшым Украина ҕәҕәа».
«Уажәы лабҿаба иаабоит Украина ари амҩа ишану. Арратә ганахьала апакет ҕәҕа ҳамоуп, мышәқак рышьҭахь ари апакет НАТО аҿы ицәыраагоит. Ари апакет НАТО алалараҿы Украина иацхраауеит», — иҳәеит Блинкен.