Ентони Блинкен идыррақәа рыла, ЕАШ Украина азалнахуеит 322 миллион доллар иаҟароу ацхыраара, америкатәи адипломатцәа Украина аусура еиҭалагоит
Ентони Блинкен идыррақәа рыла, ЕАШ Украина азалнахуеит 322 миллион доллар иаҟароу ацхыраара, америкатәи адипломатцәа Украина аусура еиҭалагоит

ЕАШ Украина азалнахуеит 322 миллион доллар иаҟароу ацхыраара, америкатәи адипломатцәа Украина аусура еиҭалагоит. ЕАШ аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак идыррақәа рыла, ари атәы ааицҳаит Украина визитла иҟаз ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Украина ахада Владимир Зеленски даниԥылоз.

Иара убас, Львов иҟоу ЕАШ аофис ашҟа есымша инеиуеит Польша иҟоу адипломатцәа”адипломатцәа Киев хара имгакәа ихынәҳыроуп”.

Ахада Џьо Баиден Украина ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ ҿыц – Бриџьит Бринк лкандидатура аофициалла иқәиргылоит, Бринк Уажәы Порльша иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара дахагылоуп.

ИАра убас, ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Украина ахада ишиаиҳәаз ала, америкатәи арратә цхыраара аҳәаақәа́ ирҭа́гӡа́ны агаубицақәа актәи апартиа Украина иҟоуп.