Ентони Блинкен – Бухаресттәи асаммит аҿы НАТО ахаҭарнакцәа аргама иаарыцҳаит Алианс ашәқәа шаарту, Қырҭтәылеи Украинеи рзгьы
Америка Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла мацароуп евроатлантикатә регион аҿы агрессиа аазырҧшыз, зны Қырҭтәыла иаҿагыланы, анеҩс, Украинагьы. Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Euronews аинтервиу анеиҭоз.
Блинкен иҳәамҭала, Бухаресттәи асаммит аҿы НАТО ахаҭарнакцәа аргама аарыцҳаит Алианс ашәқәа шаарту, Қырҭтәылеи Украинеи рзгьы.
Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иаҵшьны иазгәеиҭеит НАТО ахыхьчаратә алианс шакәу, уи Урыстәылазы шшәарҭам.
«НАТО Урыстәыла иаҿагылом, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла мацароуп евроатлантикатә регион аҿы агрессиа аазырҧшыз, зны Қырҭтәыла иаҿагыланы, анеҩс, Украинагьы», — иҳәеит Блинкен.