Ентони Блинкен – Америка Қырҭтәыла аиҳабыра ирызкыз  95 миллион адоллар ацхыраара ааннакылеит
Ентони Блинкен – Америка Қырҭтәыла аиҳабыра ирызкыз  95 миллион адоллар ацхыраара ааннакылеит

Америка Қырҭтәыла аиҳабыра ирызкыз  95 миллион адоллар ацхыраара ааннакылеит. Ари атәы иануп Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҳәамҭаҿы. Аҳәамҭа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә департамент.

«Лаҵара 23 рзы,  Қырҭтәыла аиҳабыра антидемократиатә шьаҿақәа аныҟарҵа ашьҭахь, сара аргама исҳәеит Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳшалагоз. Аиҭахәаҧшра иалҵшәаны,  Америка Қырҭтәыла аиҳабыра ирызкыз  95 миллион адоллар ацхыраара ааннакылеит.  Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵо антидемократиатә имцырку аҳәамҭақәа Евроеидгылеи НАТОи рылахәызаара анормақәа ирышьашәалам.

Қырҭтәыла аиҳабыра ирызкыз ацхыраара аанаҳкылеит, аха, Қырҭтәыла ауааҧсыра ирыхәо апрограммақәеи ауснагӡатәқәеи рыдгылара наҳагӡоит, избанзар урҭ адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, ихьыҧшым АИХқәеи, аекономикатә аҿиареи рырҕәҕәара иазкуп.

32 шықәсатәи ҳаиҩызареи ҳпартниорреи аҳәаақәа ирҭагӡаны, америкауаа, ацхыраара аҳасабала, Қырҭтәыла иаларҵеит 6,2 миллиард адоллар еиҳаны, убри ала алагала ду ҟаҳҵеит  Қырҭтәыла аекономикеи адемократиатә институтқәеи рырҕәҕәара аус аҿы. Ҳара ҳацхыраара Қырҭтәыла Атәылахьчаратәи аҟәарахьчаратәи мчқәа разыҟаҵареи, ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылареи, арҵаҩцәеи, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи, амедицинатә персонали разыҟаҵареи иацхрааит. Ҳара ақырҭуа жәлари евроатлантикатә рҽазышәарақәеи рыдгылара наҳагӡоит», — иануп Блинкен иҳәамҭаҿы.