Ентони Блинкен – Аескалациа иҟазар, абџьар Украинаҟа ахы рхазар, ареалтә прогресс абара уадаҩуп, Урыстәыла ихьацроуп
Аҵыхтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла, ахатә гәылацәа — Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи ирҿагыланы агрессиа аанарҧшит, ари атәыла иахьагьы Украиназы шәарҭоуп. Ҳара Европагьы, уи анҭыҵгьы аҳәынҭқаррақәа зегьы еидаҳкылоит Урыстәыла идҳардырырц ари агрессиа шаҳзымчҳауа», — иҳәеит Америка ҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ателеканал CNN аинтервиу анеиҭоз.
«Америкеи Европеи Урыстәыла ирымоу ашәара иадҳәаланы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоит, аха, Урыстәылагьы абри аҩызаҵәҟьа ашьаҿақәа ҟанаҵароуп. Насгьы, аескалациа иҟазар, абџьар Украинаҟа ахы рхазар, ареалтә прогресс абара уадаҩуп. Убри аҟынтә, ареалтә прогресси адеескалациеи иҟазар ҳҭахызар, Урыстәыла Украина ақәмақарра иаҟәыҵроуп.
Раҧхьа иргыланы, иахьа абра ҳзыҟои? Избанзар, аҵыхтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла, ахатә гәылацәа — Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи ирҿагыланы агрессиа аанарҧшит, ари атәыла иахьагьы Украиназы шәарҭоуп. Насгьы, ахадаратә принципқәа роуп ҳазлацәажәо, аглобалтә ҭынчреи ашәарҭадареи. Иарбанызаалак ҳәынҭқаррак, мчыла, даҽа ҳәынҭқаррак аҳәаа аҧсахра залшом, адәныҟатәи ахырхарҭа адцалара залшом.
Ҳара Европагьы, уи анҭыҵгьы аҳәынҭқаррақәа зегьы еидаҳкылоит Урыстәыла идҳардырырц ари агрессиа шаҳзымчҳауа. Урыстәыла ибзианы еилыркаароуп адиалоги адипломатиеи рҳәаақәа ирҭагӡаны аибарххара еиҵазтәша азҵаарақәа рыӡбара шыҟало. Ҳара ҧаса уи ҟаҳҵахьеит», — иҳәеит Ентони Блинкен.