Еммануель Макрон – Украина аибашьра анхыркәшалак ашьҭахь,  Украинеи Урыстәылеи инарываргыланы, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Молдовеи, Шәамахьтәылеи ашәарҭадара агарантиақәа рзеиқәыршәазароуп
Еммануель Макрон – Украина аибашьра анхыркәшалак ашьҭахь,  Украинеи Урыстәылеи инарываргыланы, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Молдовеи, Шәамахьтәылеи ашәарҭадара агарантиақәа рзеиқәыршәазароуп

Франциа ахада Еммануель Макрон ишиҳәаз ала,  Украина аибашьра анхыркәшалак ашьҭахь,  Украинеи Урыстәылеи инарываргыланы, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Молдовеи, Шәамахьтәылеи ашәарҭадара агарантиақәа рзеиқәыршәазароуп

Франциа ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Wall Street Journal аинтервиу анеиҭоз.

«Сара ашәарҭадара агарантиақәа санрылацәажәо, абарҭ атәылақәеи, ҳареи, иара убас, Урыстәылеи роуп сызлацәажәо», — иҳәеит  Макрон.

Афранцыз лидер игәаанагарала, европатәи ашәарҭадара архитектура ҿыц зыӡбахәы ҳәоу арегиони инеизакны Европеи ршәарҭадара еиқәнаршәароуп.