Еммануель Макрон –  Москва аиадертә бџьарла Украина иаахар,  Франциа Урыстәыла иаҿагыланы аиадертә бџьар ахы ианархәом
Еммануель Макрон –  Москва аиадертә бџьарла Украина иаахар,  Франциа Урыстәыла иаҿагыланы аиадертә бџьар ахы ианархәом

«Москва аиадертә бџьарла Украина иаахар,  Франциа Урыстәыла иаҿагыланы аиадертә бџьар ахы ианархәом», — иҳәеит Франциа ахада Еммануель Макрон  France 2 аинтервиуаҿ.

Макрон иажәақәа рыла,  Франции адокрина амилаҭтә интересқәа рышьаҭала аҧҵоуп.

«Украина аракета-иадертә бџьарла иаахар, ҳәарада, раҧхьа иргыланы, Франциа амилаҭтә интересқәа ҳрызхәыцуеит», — иҳәеит Еммануель Макрон.

Арепортиор Франциа ахада диазҵааит, абри аҩыза афакт ҟалар Франциа аиадертә аҭак ҟанаҵома ҳәа. Макрон абас аҭак ҟаиҵеит: «Ҳәарада — мап».

Еммануель Макрон иҳәамҭала,   1991 шықәсатәи аҭагылазаашьа иашьашәаланы Украина аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара дадгылоит,  иара иажәақәа рыла,  Урыстәылаҟны хымҧада аиҿцәажәарақәа мҩаҧгатәуп,  уи Урыстәылагьы Украинагьы ринтересқәа ирыҵанакәеит.