Еммануель Макрон – Бучи аҟынтә иаабаз акадрқәа иучҳаратәы иҟам, Урыстәыла анапхгара абарҭ ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵара рықәшәоит
Еммануель Макрон – Бучи аҟынтә иаабаз акадрқәа иучҳаратәы иҟам, Урыстәыла анапхгара абарҭ ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵара рықәшәоит

«Урыстәыла анапхгара абарҭ ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵара рықәшәоит», — иҳәеит Франциа ахада Еммануель Макрон украинатәи ақалақь Бучи аҟынтә аинформациа данахцәажәоз.

Макрон даҽазнык Украина адгылара азааирҧшит.

«Бучи аҟынтә иаабаз акадрқәа иучҳаратәы иҟам. Хәымгарыла ишьыз шәҩыла ауааҧсыра рыҧсыбаҩқәа адәахьы  икажьын. Иҭахаз ауаа руацәа срыдашшылоит. Сара Украина садгылоит. Урыстәыла анапхгара абарҭ ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵара рықәшәоит», — иҩит  Макрон.

Reuters адыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа Бучи ақалақь ианалҵ, украинатәи азинхьчаҩцәа ажурналистцәа ақалақь аҿы аҭагылазаашьа абара азин рырҭеит.